“Синофрм” алаҵақәа рзыҟарҵоит 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа ахаҿқәа.
Ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе аиммунизациа ахеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
” Аиммунизациа ахеилак еилатәараҿ иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, иахьа, асааҭ 20:00 рзы 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа рзы апортал аусура хацнаркуеит, урҭ алаҵақәа рыҟаҵаразы аҭаҩра рылшахоит. 18 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа ахаҿқәа рзы “Синофарм” алаҵа ишәарҭам ҳәа иахьшьақәырӷәӷәоу акымкуа аҭҵаарақәеи аҳасабырбақәеи иҟоуп,” – илҳәеит Екатерине Тикараӡе.