Швеицариа ацҳаражәҳәара асоциалтә каҭаҿы Швеицариеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирызку афильм кьаҿ аланарҵәеит

2021 шықәса Швеицариеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы акрызҵазкуа шықәсоуп, – Швеицариа ацҳаражәҳәара асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Адипмиссиа аҳәамҭа аҿы ишану ала, 30 шықәса раԥхьа Швеицарие Қырҭтәыла ахьыԥшымра азханаҵеит.

“20 шыәқса раԥхьа атәылақәа рыбжьара аҿҳәаранаӡа апартниорра азгәаҭаразы, Қырҭтәыла Швеицариа ацҳаражәҳәара аартын. Швеицариа ацҳаражәҳәара аԥшьгарала иҭыхын  Швеицариеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым аспектқәа ирызку документалтә фильм. Афильм ала ацҳаражәҳәаҩ Патри Францен абзиараз ҳәа шәаиҳәоит, уи “апозитивтә емоциақәа иманы” лаҵаразы Қырҭтәылантә ддәықәлеит,” – аарыцҳаит Швеицариа ацҳаражәҳәара аҟынтә.