Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 13-ҩык рҟынӡа
Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 13-ҩык рҟынӡа. Ари аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Уажәазы иҟоу аофициалтә информациа инақәыршәаны, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит 13-ҩык ауааҧсыра. Аиқәырхаҩцәа Шови аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ даҽыӡәы иҧсыбаҩ иахьа рбеит.
23-ҩык рыҧшаара иаҿуп. Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Аԥсабаратә рыцҳара азонаҟынтә 210-ҩык ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп. Они амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Глолаҿ амобилтә штаб еиҿкаан.
Нанҳәа 7 Қырҭтәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшхоит.