Шови аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ даҽыӡәы иҧсыбаҩ рбеит
Шови аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ даҽыӡәы иҧсыбаҩ рбеит

Шови, аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы 24 сааҭтәи арежим аиқәырхаратә усурақәа нагӡоит. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ даҽыӡәы иҧсыбаҩ рбеит. Ари аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Уажәазы иҟоу аофициалтә информациа инақәыршәаны, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит 14-ҩык ауааҧсыра.

22-ҩык рыҧшаара иаҿуп. Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы.

Аԥсабаратә рыцҳара азонаҟынтә 210-ҩык ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп. Они амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Глолаҿ амобилтә штаб еиҿкаан.

Нанҳәа 7 Қырҭтәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшхоит.