Шови, аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа инагӡоит
Шови, аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа инагӡоит

Шови, аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа инагӡоит. Актәи аканал ари атәы азааицҳаит Раҷа-Лечхуми – Аладатәи Шәантәыла арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Папуна Маргвелиӡе.

Папуна Маргвелиӡе иҭахаз ауаа руацәа даҽазнык дрыдашшылеит.

«Ҳрегион мацара акәымкәа, Қырҭтәыла зегьы арыцҳара ду иақәшәеит. Иҭахаз ауаа руацәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп. Иахьазы 33ҩык рҟынтәи 32ҩык рыҧсыбаҩцәа иҧшаауп, ҷкәына хәыҷык иҧшаара ҳаҿуп. Аиқәырхаҩцәеи атехника хьанҭеи уажәгьы аҭыҧаҿ иҟоуп, акинологцәагьы аус руеит», — иҳәеит Папуна Маргвелиӡе.