Шови, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ авиациа аусура еиҭалагеит [афото]
Шови, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ авиациа аусура еиҭалагеит [афото]

Шови, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ авиациа аусура еиҭалагеит. Ари ааицҳаит аҭыԥ аҿы иҟоу Актәи аканал ажурналист.

Аҭыԥ аҿы аусура нанагӡоит атехника ҷыда.

Шови аиқәырхаратә операциа иалагеижьҭеи хымш ҵуеит. Аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа ирылахәуп амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиԥшым аҟәшақәа русуҩцәа, атәылахьчаратә мчқәа. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иацы аҧсабаратә рыцҳара азонашҟа идәықәлеит мрагыларатә мчқәа аибашьра-аинџьныртә баталион, Копитнартәи абазантә – амилаҭтә гвардиа 102-тәи абаталион алахәылацәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, 25-ҩык рыҧшаара иаҿуп.

Аԥсабаратә рыцҳара азонаҟынтә 210-ҩык ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп.

Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089.

Они амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Глолаҿ амобилтә штаб еиҿкаан.

Нанҳәа 7 Қырҭтәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшхоит.

Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  11-ҩык рҟынӡа.