Шарль Мишель – Прага имҩаҧсуа асаммит аҿы ҳара иаҳа ирацәаны алшарақәа раиуреи, ашәарҭадареи аҭынчреи арҕәҕәареи азы аусеицура аиҕьтәра ҳалацәажәар ҳалшоит
«Ааҧхьара зауз 44 ҳәынҭқарра асаммит алахәызаара иақәшаҳаҭхеит, уи раҧхьатәи иҵоуроу дыргоуп», — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Прага, Европатәи аполитикатә уаажәларра раҧхьатәи асаммит иалагаанӡа.
Иара иажәақәа рыла, ари аиҧылара аҵакы ду амоуп.
«Уи раҧхьатәи аиҧыларахот, ари ауснагӡатә аҵакы ду амоуп, избанзар ҳара континентк ҳақәынхоит, ҳпроблемақәа еиҧшуп. Иаҳа ирацәаны алшарақәа раиуреи, ашәарҭадареи аҭынчреи арҕәҕәареи азы аусеицура аиҕьтәра ҳалацәажәар ҳалшоит. Сара аоптимизм ду сылоуп, избанзар, ааҧхьара зауз 44 ҳәынҭқарра асаммит алахәызаара иақәшаҳаҭхеит, уи раҧхьатәи иҵоуроу дыргоуп», — иҳәеит Шарль Мишель.