Шарль Мишель  Одесса даҭааит
Шарль Мишель  Одесса даҭааит

Европатәи   Ахеилак ахада  Шарль Мишель  Одесса даҭааит.

Twitter аҿы Мишель ишиҩыз ала, Украина амацара аанымхеит, Евроеидгыла уи иадгылоит.

«Сара Украина саҭааит Европа амш азгәаҭаразы, Одессаҟа сааит, Пушкин ари ақалақь иазкны иҳәеит: «абри ақалақь аҿы  Европа шәцәа ианыруеит»,  иахьа абри ақалақь аҿы украинаа аракетатә аахарақәа рҟынтә амонументқәа рыхьчара иаҿуп, урыстәылатәи агрессиа иаҿагылоуп. Шәара шәымацара шәаанымхеит. Евроеидгыла ишәыдгылоуп», — иҩит Шарль Мишель  Twitter аҿы.

Шарль Мишель мшаҧы азгьы Украина дыҟан. Усҟан Европатәи Ахеилак ахада Буча даҭааит.

Уажәазы Шарль Мишели Украина ахадеи авидеоконференциа аформат аҿы еиҿцәажәеит. Владимир Зеленски Шарль Мишель ари авизит азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.