Шарль Мишель идокумент анагӡара амзызла, аусуратә гәыҧ еиҿкаауп, уи дахагылоит Виола фон Крамон
Мшаҧы 19 рзы аполитикатә лидерцәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ала иазҧхьагәаҭоу «Жан Моне идиалог» анапхгара азылуеит Европарламент адепутат Виола фон Крамон.
Лара лхаҭа Қырҭтәылаа Актәи аканал ари аинформациа азышьақәлырҕәҕәеит.
Актәи аканал иалҭаз аексклиузивтә интервиу аҿы Крамон ишылҳәаз ала, Европарламент аинициатива ала, лара Шарль Мишель ибжьацәажәара ала ақырҭуа политикатә лидерцәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра анагӡаразы ақырҭуа депутатцәа аус рыцура иазку аусуратә гәыҧ дахагылоит.
«Жана Моне идиалог» рашәарамзазы иалагараны иҟоуп. Иара убас, Европарламент адепутат ишылҳәаз ала, ҧхынгәы азы Қырҭтәылаҟа дааны, Европарламент ахьӡала аиҿцәажәарақәа мҩаҧылыгоит.
«Жана Моне идиалог» — аҭынчреи адемократиеи азы Европарламент ала еиҿкаау хархәагоуп, уи иаҵанакәеит апарламенттә медиациеи адиалоги.
Аформат ала иазҧхьагәаҭоуп амилаҭтә политиказы зҵакы дуу азҵаарақәа ирыдҳәаланы аполитикатә лидерцәа реиқәшаҳаҭхара амзызла адиалог амҩаҧгара.
Европарламент, раҧхьӡа акәны «Жана Моне идиалог» рхы иадырхәит 2016 шықәсазы, Украинатәи Рада аҟны аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.