Шарль Мишель – Евроеидгыла Аахыҵ Кавказ аҿы апроблемақәа рҭыҧқәҵара апроцесс активла алахәызаара иазыхиоуп
Шарль Мишель – Евроеидгыла Аахыҵ Кавказ аҿы апроблемақәа рҭыҧқәҵара апроцесс активла алахәызаара иазыхиоуп

Евроеидгыла Аахыҵ Кавказ аҿы апроблемақәа рҭыҧқәҵара апроцесс  иаҳа активла алахәызаареи арегион аҟны аимадара арҕәҕәареи  иазыхиоуп. Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ереван имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы.

«Евроеидгыла арегион аҿы иаҳа активра аарҧшреи, арегион атәылақәа рҟны аимадрақәа рырҭбаареи,  Мрагылратә партниорра асаммит азы аҽазыҟаҵареи иазҿлымҳауп», — иҳәеит Мишель.

Аполитик ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла «Минсктәи агәыҧ» иацхраауеит Ашьха-ҟарабахтәи аимак аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы.

«Арегион аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи аиқәыршәаразы аусура нашәыгӡароуп.  Адискуссиақәеи аҭынчратә аиҿцәажәарақәеи аҵакы ду рымоуп. Евроеидгыла шәыдгылара иазыхиоуп, ҳара апроблемақәа рыӡбареи адемократиатә принципқәа рӡыргареи аҿы ҳшәыцхраауеит», — иҳәеит Шарль Мишель Никол Ҧашиниани иареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.