Шарль Мишель Венгриа даҭааит
Шарль Мишель Венгриа даҭааит

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Венгриа даҭааит, уаҟа иара аҧыза-министр  Виктор Орбан иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧигоит. Шарль Мишель ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Мишель ишазгәеиҭаз ала, иара  ҧхынҷкәын азы имҩаҧысраны иҟоу Европатәи ахеилак аилатәара иадҳәаланы  Орбан иҟны аконсультациақәа мҩаҧигоит.

«Европатәи ахеилак акзаара ахьчара аҽазышәара ду аҭахуп, акзаароуп мчыс иҳамоу», — иҩит  Шарль Мишель.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аҭыжьымҭа  Politico иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбан аргама ааицҳаит  Евроеидгыла алидерцәа Киев адгылара азеиҧштә стратегиа аиҭахәаҧшра иақәшаҳаҭымхар, Венгриа,  Евроеидгыла ала Украина ацхраара ишаҧырхагахо.