Шарль Мишель – Ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анаҳшьарц ҳаӡбеит, арҭбаара  – Европеи акандидат-тәылақәеи руааҧсыра ирыздәықәаҳҵо аполитикатә дырга ҕәҕәоуп
Шарль Мишель – Ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анаҳшьарц ҳаӡбеит, арҭбаара  – Европеи акандидат-тәылақәеи руааҧсыра ирыздәықәаҳҵо аполитикатә дырга ҕәҕәоуп

«Уажәааны ихыркәшаз Евроеидгыла асаммит аҭоурыхтә ҵакы аиуит, избанзар, ҳара Украинеи Молдовеи рҟны аиҿцәажәарақәа ралагареи Қырҭтәыла акандидат астатус анашьареи ҳаӡбеит», — иҳәеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель  Евроеидгыла асаммит аихшьаалатә апресс-конференциаҿы.

Шарль Мишель ишиҳәаз ала, арҭбаара  – Европеи акандидат-тәылақәеи руааҧсыра ирыздәықәырҵо аполитикатә дырга ҕәҕәоуп.

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго агрессиатә еибашьра амшала Евроеидгыла аҽаҧсахит. Ҳара аҭынчреи, ашәарҭадареи, ашәҭыкакаҷреи апринципқәа ҳарҕәҕәеит. Уажәааны ихыркәшаз Евроеидгыла асаммит аҭоурыхтә ҵакы аиуит, избанзар, ҳара Украинеи Молдовеи рҟны аиҿцәажәарақәа ралагареи Қырҭтәыла акандидат астатус анашьареи ҳаӡбеит. Иара убас, Босниеи Герцогавинеи аҟнгьы аиҿцәажәарақәа ралагаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, дара акритериқәа зегьы анынарыгӡо.  Арҭбаара  – Европеи акандидат-тәылақәеи руааҧсыра ирыздәықәаҳҵо аполитикатә дырга ҕәҕәоуп», — иҳәеит Шарль Мишель.