Европатәи ахеилак ахада Шариль Мишель Европарламент ахь алхрақәа дрылахәхом, уи иҭыԥ аҿы даанхоит
Европатәи ахеилак ахада Шариль Мишель Европарламент ахь алхрақәа дрылахәхом, уи иҭыԥ аҿы даанхоит

Европатәи ахеилак ахада Шариль Мишель Европарламент ахь алхрақәа дрылахәхом, – ари аты Мишель асоциалтә каҭаҿ иҩит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Шарль Мишель Европатәи ахеилак ахада иҭыԥ аҿы даанхоит.

Мишель иажәақәа рыла, алхрақәа рҽалархәреи уажәы имоу ахыдҵақәа рынагӡараҿ иԥырхагомызт, аха акритика амшала, иӡбара иԥсахит.

„Исыдыскылаз аӡбара аспекулиациақәа иахылҵит. Ари азы сазыҟаҵан, аха сыӡбара Европатәи ахеилак аҩныҵҟа акәым, уи аҳәаақәа рынхыҵ аеқстремалтә ақәҿыҭра аиуит. Сыӡбара ари аинститут иаԥырхагахар сҭхым. Европатәи алхрақәа сылахәхом. Амч, алшара исымоу зегьы рыла уажәтәи схыдҵақәа рынагӡара насыгӡоит. Еснагь адемократиатә, иӷәӷәоу, иаку Европа дукатс сҟалоит. Ари амандат ахыркәшараан наҟ-наҟтәи схыдҵақәа рхырхарҭа сазхәыцуеит”, – иҩит Шарль Мишель.

Европатәи Ахеилак ахада  Шарль Мишель сынтәа рашәарамзазы имҩаҧысран иҟоу Европарламентахь алхрақәа рҽалархәра игәы иҭан.  Алхрақәа рҿы ақәҿиара аиураан Шарль Мишель, аҿҳәаранӡа иҭыҧ аанижьыр акәын. Евроеидгыла алидерцәа уи ицынхәрас иқәдыргыло акандидат изы ирласӡаны еиқәшаҳаҭхар акәын.