Шанхаи ақырҭуа ҩы ацәыргақәҵа мҩаԥган - "Қырҭтәыла - адоуҳатә  мазара дуқәа змоу атәыла хәыҷы"
Шанхаи ақырҭуа ҩы ацәыргақәҵа мҩаԥган - "Қырҭтәыла - адоуҳатә мазара дуқәа змоу атәыла хәыҷы"

Китаи Жәлартә республика Шанхаи ақалақь аҿы адунеи аҿы зегь реиҳа зпрестиж ҳараку ацәыргақәҵа ProWine Shanghai мҩаԥган. Аҩы азы амилаҭтә агентра адгылара ала, ацәыргақәҵаҿ ицәырган 26 ақырҭуа еилахәыра раалыҵ.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҩы азы амилаҭтә агентра аиҿкаара ала, имҩаԥган ақырҭуа ҩы амастеркласс-адегустациа “Georgia – Small Country with Big Treasures“ (Қырҭтәыла – адоуҳатә мазара дуқәа змоу атәыла хәыҷы), ари ауснагӡатә амҩаԥгҩс дыҟан аҩы амагистр Фонг Вокер (Fongyee Walker).

Адегустациазы ицәырган ақырҭуа жәеилахәырак раалыҵ.