Шәамахьтәыла ҧасатәи ахада Серж Саргсиан аҵыртыша агаразы ахара идырҵеит
Шәамахьтәыла ҧасатәи ахада Серж Саргсиан аҵыртыша агаразы ахара идырҵеит

Шәамахьтәыла ҧасатәи ахада Серж Саргсиан аҵыртыша агаразы ахара идырҵеит.

Антикоррупциатә комитет ари аус аӡбарҭашҟа идәықәнаҵеит. Саргсиан закәандарала анаплакратә усура азгьы ахара идуп.

Акомиссиа адыррақәа рыла, 2000-2018 шықәсқәа рзы, Саргсиан, атәылахьчара аминистри, аҧыза-министри, анеҩс, атәыла ахадеи рҭыҧқәа анааникылоз, аамҭакала, закәандарала, анаплакратә усура далахәын, убри аҟынтә, иара амаҵзуратә ҭагылазаашьа цәгьашақә ахархәареи, зыгәра игоз ауаа рыцхыраарала акоммерциатә аилахәырақәа раҧҵареи, анеҩс, аҵыртыша агареи ихарарҵоит.

Ари аус антикоррупциатә аӡбарҭашҟа идәықәҵоуп.