Шәамахьтәыла Апрокуратура хада Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзура иадҵаалт Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала
Шәамахьтәыла Апрокуратура хада Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзура иадҵаалт атәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала.
Шәамахьтәылатәи АИХқәа ишырыҩуа ала, апарламент аилатәараҿы ари атәы аалыцҳаит Шәамахьтәыла апрокурор хада Анна Вардапетиан.
«Аҳәамҭа адокументқәак иацын, урҭ рыгәҭа – амал аршаҳаҭгақәа рыхкьыҧхьаақәагьы. Ҳара адокументқәа зегьы Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзурашҟа идәықәҵаны, шьаҭанкыла игәарҭарц ҳрыҳәеит, анеҩс, ашьауҕаус ахацыркра азҵаара ҳаӡбоит», — илҳәеит Вардапетиан.
Азербаиџьан аҵакырадгьылқәа аҭара апроцесс ианалага, адукат Ара Зограбиани аполковник Аик Нагапетиани Шәамахьтәыла Апрокуратура хада иадҵаалт Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала.