Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

 

Цәыббра 16 рзы Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациаҿы, асааҭ  14:00 рзы.

Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылоит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧгахоит, анеҩс, Иракли Кобахиӡеи Никол Ҧашиниани АИХқәа рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.