Шәамахьтәыла Апрокуратура хада Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзура иадҵаалт Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала
Шәамахьтәыла Апрокуратура хада Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзура иадҵаалт Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала

Шәамахьтәыла Апрокуратура хада Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзура иадҵаалт атәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала.

Шәамахьтәылатәи АИХқәа ишырыҩуа ала, апарламент аилатәараҿы ари атәы аалыцҳаит Шәамахьтәыла апрокурор хада Анна Вардапетиан.

«Аҳәамҭа адокументқәак иацын, урҭ рыгәҭа – амал аршаҳаҭгақәа  рыхкьыҧхьаақәагьы.  Ҳара адокументқәа зегьы Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзурашҟа идәықәҵаны, шьаҭанкыла игәарҭарц ҳрыҳәеит,  анеҩс, ашьауҕаус ахацыркра азҵаара ҳаӡбоит», — илҳәеит  Вардапетиан.

Азербаиџьан аҵакырадгьылқәа аҭара апроцесс ианалага, адукат  Ара Зограбиани аполковник  Аик Нагапетиани Шәамахьтәыла Апрокуратура хада иадҵаалт Никол Ҧашиниан аҭакҧхықәра идҵара аҳәарала.