Шалва Папуашвили - Шәара, иахьа НАТО аҳаргь ала ихьчоу, Қырҭтәыла ахшыҩ арҵара шәаналаго, ишәхашәмыршҭын ҳара Урыстәыла хынтә ҳшабашьахьоу
Шалва Папуашвили - Шәара, иахьа НАТО аҳаргь ала ихьчоу, Қырҭтәыла ахшыҩ арҵара шәаналаго, ишәхашәмыршҭын ҳара Урыстәыла хынтә ҳшабашьахьоу

«Қырҭтәыла ахшыҩ арҵара шәаналаго, ишәхашәмыршҭын ҳара Урыстәыла хынтә ҳшабашьахьоу.  Иахьа дара НАТО аҳаргь аҵаҟа рҽырҧханы иҟоуп, аламыстә позициала ҳацәажәара ианалаго, ираҳҳәаша ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара убас, Шьалуа Папуашвили Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, асанкциақәа шьақәзыргыло атәылақәа акрызҵазкәа ҧырхага рызымҭаша асанкциақәа роуп ишьақәдыргыло.

«Уажәааны асанкциақәа 11-тәи апакет рыдыркылеит.  Аханатә асанкциақәа усҟак зҵакы дуумыз азҵаарақәа ирыдҳәалан, уажәы асанкциақәа иаҳа иҕәҕәахеит.  Аӡәгьы ихамышҭааит Евроеидгыла аҩныҵҟа ари азҵааразы адискуссиақәа шымҩаҧысуа.  Атәылақәа зегьы рхатә интересқәа рымоуп.  Асанкциақәа шьақәзыргыло атәылақәа акрызҵазкәа ҧырхага рызымҭаша асанкциақәа роуп ишьақәдыргыло. Иахьагьы, агазмҩангагак Украина иалсны ианцо, Евроеидгыла аҧсабаратә газ аиуеит, есымша Урыстәыла иазыршәоит  20 миллион евро ма адоллар.  Аҧхьаӡара бзиа избо ирыҧхьаӡааит дара аибашьра аҧара  азоурышьҭуа азоурмышьҭуа, 20 миллионла  —  ҧшьба – хәба атанкқәа раахәара ҟалоит, ари азҵаара интересс измоу ауаа ирыҧхьаӡааит.

Ақырҭуа ма аҳәаанырцәтәи акторцәа Қырҭтәыла ахшыҩ арҵара ианалаго, ираҳҳәаша ҳамоуп.  Ақырҭуа аҩы Урыстәылаҟа иандәықәҵаҳҵо  Қырҭтәыла  аибашьра иацхраауеит ҳәа ҳарҳәоит. Ҵыҧх, хымз рыла, Латвиантә Урыстәылаҟа идәықәҵаз аҩи аспирт злоу арыжәтәқәеи раҟара ҳара шықәсыкала иҳаздәықәҵом. Шәызынтәгьы ибзиаӡаны ижәдыруеит Латвиа Қырҭтәыла аҟара аҩы шамам.  Қырҭтәыла ахшыҩ арҵара шәаналаго, ишәхашәмыршҭын, ҳара хынтә Урыстәыла ҳшабашьхьоу.   Иахьа дара НАТО аҳаргь аҵаҟа рҽырҧханы иҟоуп, аламыстә позициала ҳацәажәара ианалаго, ираҳҳәаша ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.