Шьалуа Папуашвили – Жәларбжьаратәи апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт иаамҭаны ақәҿыҭра арҭарц, амыпҵахалара аҵыхәҧҵәара амзызла Урыстәылазы ақәыҕәҕәара дырҕәҕәарц
«Кирбали ақыҭа иазааигәаны ихьанҭаӡоу афакт ҟалеит, уаҟа урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнак ақырҭуа аҭынчуаҩ Ҭамаз Гинтури дишьит. Ҭамаз Гинтури иҭаацәареи иҩызцәеи срыдашшылоит», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳа Феисбук аҿы.
«Ари арыцҳара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит ампыҵахалара есымша алҵшәа цәгьа шахылҵуа, ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра рзгьы аҳәынҭқарразгьы ишшәарҭоу.
Қырҭтәыла аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит закәандарала иаанкылоу егьи ҳтәылауаҩ ихақәиҭтәреи ауаҩшьра зхароу ихьырхәреи азыҳәан.
Сара жәларбжьаратәи апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит Кирбали ақыҭа иазааигәаны иҟалаз афакт иаамҭаны ақәҿыҭра арҭарц, амыпҵахалара аҵыхәҧҵәара амзызла Урыстәылазы ақәыҕәҕәара дырҕәҕәарц», — иҩит Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.