Шьалуа Папуашвили  - Украинатәи азакәан Венециатәи акомиссиала ирхынҳәын ҳәа Америкатә ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз аҳәамҭа мцуп, убри амшала аполиаризациа иаҳа иҕәҕәахоит
Шьалуа Папуашвили  - Украинатәи азакәан Венециатәи акомиссиала ирхынҳәын ҳәа Америкатә ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз аҳәамҭа мцуп, убри амшала аполиаризациа иаҳа иҕәҕәахоит

«Украинатәи азакәан Венециатәи акомиссиала ирхынҳәын, дара изакәызаалак аихшьаалак ҟарҵом ҳәа  Америка ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз аҳәамҭа арадикалтә оппозициаа рымцҳәара еиҧшуп, иацы ишеилкаахаз ала, ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз аҳәамҭа мцуп, уи угәы иалсратәы иҟоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, ацҳаражәҳәаҩ лҳәамҭа атәылаҿ аполиаризациа арҕәҕәоит.

«Ҳара иаҳҳәеит украинатәи азакәан Венециатәи акомиссиаҿ иахьахәаҧшу аҟынтә, ҳаргьы Венециатәи акомиссиа аихшьаала ҳазыҧшуеит ҳәа.  Ҵыҧх ари азҵаара аимак шахылҵыз жәдыруеит. Рыцҳрас иҟалаз, Америка ацҳаражәҳәаҩгьы илҳәеит Венециатәи акомиссиантә ари азакәан дырхынҳәит, изакәызаалак аихшьаалак ҟарҵом ҳәа. Аха, иацы ишеилкаахаз ала,  ари аинформациа ииашам.  Америка ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз аҳәамҭа арадикалтә оппозициаа рымцҳәара еиҧшуп, уи ҳтәылаҿ аполитикатә процессқәа ирҧырхагоуп, аполиаризациа иаҳа арҕәҕәара иацхраауеит», — иҳәеит  Папуашвили.

2022 шықәса абҵара 22 рзы Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Украина адеолигархизациа иазку азакәан Венециатәи акомиссиаҟынтә идырхынҳәит.