Шьалуа Папуашвили – Украина адгылара инаваргыланы, Қырҭтәылазы аҵакы ду аман аҭынчра ахьчареи иҟалаз акризисқәа рҟынтә ҳуааҧсыра рыхьчареи
Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа иалаӡит жәанызқьҩыла ауааҧсыра, абри аҩыза агрессиа закәу аадыруеит, аха, абас зымҽхак дуу аиҿагылара ҳаргьы проблемас иаҳзыҟалеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апленартә аилатәараҿы даныҟәгылоз. Иахьа апарламент ахантәаҩы 2022 шықәсазы апарламент имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырбеи 2023 шықәсатәи апланқәеи цәыригеит.
Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, 2022 шықәса жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны даараӡа иуадаҩын, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа иалаӡит жәанызқьҩыла ауааҧсыра.
«2022 шықәса жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны даараӡа иуадаҩын, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа иалаӡит жәанызқьҩыла ауааҧсыра, европатәи ашәарҭадара архитектура зегьы ашәарҭара иҭагылеит, адунеи зегьы афатәаалыҵтәи аенергетикатәи кризис иҭагылеит. Абри аҩыза агрессиа закәу аадыруеит, аха, абас зымҽхак дуу аиҿагылара ҳаргьы проблемас иаҳзыҟалеит. Абри аҭагылазаашьаҿы Украина адгылара инаваргыланы, Қырҭтәылазы аҵакы ду аман аҭынчра ахьчареи аибашьра иахылҵыз акризисқәа рҟынтә ҳуааҧсыра рыхьчареи. Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти ари ахықәкы қәҿиарала инарыгӡеит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳуааҧсыра уи иахәҭоу ахәшьара арҭап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.