Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Швециа акрал Карл XVI диҧылеит.
Апарламент апресс-маҵзураҟынтә ишаарыцҳаз ала, Шьалуа Папуашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи Швециеи ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы қәҿиарала аус шеицыруа.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иахылҵыз агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц иалацәажәеит. Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи акандидат астатус ранашьара аҵакы ду шамоу. Швециа акрал ишиҳәаз ала, Швециа наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи аҽазышәарақәеи, адемократиатә аҿиареи иадгылоит», — иануп Қырҭтәыла апарламент аҳәамҭаҿы.