Шьалуа Папуашвили Швеицариатәи аконфедерациа амилаҭтә хеилак ахада диҧылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Швеицариатәи аконфедерациа амилаҭтә хеилак ахада Ерик Нусбаумер диҧылеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Швеицариеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.
Шьалуа Папуашвили швеицариатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгыьлтә акзаареи адгылареи, иара убас, ампыҵахалатә цәаҳәала еиҟәшоу ауааҧсыра рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылара аус аҿы Швеицариа иҟанаҵо алагала дуи азыҳәан.
Иара убас, аиҧылара алахәылацәа атәылақәа рпарламентқәа рыбжьара ишьақәгылаз аимадара иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа агәабзиарахьчареи, азанааҭтә аҵареи, ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи, егьырҭ ахырхарҭақәеи рыла қәҿиарала аус еицыруеит.
Аиҧылара мҩаҧган Шьалуа Папуашвилии уи ицу апарламенттә делегациеи Швеицариатәи аконфедерациаҿы рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.