Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра ҳахәаҧшуеит командак аусура аҳасабала
«Аҧыза-министр Али Асадов ҳаиҧылеит. Ҳара еицымҩаҧааго аекономикатә проектқәа ҳрылацәажәеит, чыдала ҳарзааҭгылеит аенергетикатә проектқәа, урҭ рҿы Азербаиџьан азы ахадаратә ҵакы амоуп Қырҭтәыла ацхыраарала европатәи аџьармыкьа алалара, Евроеидгылагьы арҭ апроектқәа ирызҿлымҳауп, избанзар адиверсификациатә енергомҩангагақәа рымазар рҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьан имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан Евроеидгыла аҽалархәрала Амшын еиқәаҿы имҩаҧырго апроект ҿыцгьы иалацәажәеит.
«Иахьа ҳара Азербаиџьан анапхгаратә махәқәа зегьы рхаҭарнакцәа – атәыла ахадеи, аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи ҳарҧылеит. Ҳара арегионалтә шәарҭадареи Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара аҵаки ҳалацәажәеит. Хара имгакәа аҭынчратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит, уи абзоурала ҳрегион апотенциал иаҳа идухоит, ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи иаҳа хырҳагара роуеит. Ҳара имҩаҧаагаз адискуссиа иаҳнарбеит ҳтәылақәа агәреибагара шрыбжьоу, аҩ-тәылак астратегиатә партниорра ишазҿлымҳау», — иҳәеит Папуашвили.