Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов уажәы Қырҭтәыла апарламент аҿы дыҟоуп. Иара Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диҧылоит.
Аиҧылараҿ дыҟоуп европатәи интеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилигьы.
Аиҧыларанӡа Украина ацҳаражәҳәаҩ ажурналистцәа дырмацәажәеит, аха, апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, дара Украина иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәоит.