Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи ҿырҧштәыс азаагара Аҟаза дуи раҧхьатәи ицнагаҩи реиҿарҧшра иаҩызоуп
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили адунеи ареитинг аҿы Қырҭтәыла аҭыҧ дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла, Албаниеи, Молдовеи, Украинеи раасҭа акырӡа иҳаракны игылоуп.
Папуашвили асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, алхрақәа раан ақырҭуа жәлар, атәыла аҳәынҭқаррареи амилаҭтә агәадуреи зцәыӡыз ауаа зегьы ирыхәҭоу аҭак рырҭоит.
„Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аоппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аӡбаратә система аиҿкаара апроцессаҿ ахадаратә роль даҽа ҳәынҭқаррақәак ранашьара иаҳәоит. Убри ала, дара Қырҭтәыла, аҳәынҭқарра аҳасабала ишьақәгыламзшәа аадырҧшыр рҭахуп, ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаауеит уи ҳтәыла ахьыҧшымра ишаҧырхагоу. Убри аҟынтә, алхрақәа раан ақырҭуа жәлар, атәыла аҳәынҭқаррареи амилаҭтә агәадуреи зцәыӡыз ауаа зегьы ирыхәҭоу аҭак рырҭоит. Насгьы, ибзиаӡаны иаадыруазароуп ҳтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи иаҿазырҧшуа ауаа намыс шрымам. Иарбанзаалак аҭҵаарақәа ҳрыхәаҧшыр, Қырҭтәыла, апараметрқәа зегьы рыла, Албаниеи, Молдовеи, Украинеи раасҭа акырӡа иҳаракны игылоуп. Қырҭтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи ҿырҧштәыс азаагара Аҟаза дуи раҧхьатәи ицнагаҩи реиҿарҧшра иаҩызоуп, – иҩит Шьалуа Папуашвили.