Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла адемократиатә еиҳабыра ақырҭуа жәлар рҟынтә адхра атактика урыстәылатәи агибридтә методқәа иреиҧшуп
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иаарту ашәҟәы алаирҵәеит.
Шьалуа Папуашвили ишиҩуа ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы лабаҿба иаабоит Қырҭтәыла аиҳабыра ақырҭуа жәлар рҟынтә адхра иазку хықәкылатәи акампаниа шымҩаҧысуа.
«Аҳәаанырцәтәи мчқәаки ақырҭуа аполитикатә мчқәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, ауааҧсыреи аиҳабыра ринтересқәа ажәлар ринтересқәа иреиҧшымзшәа аадырҧшыр рҭахуп. Уи ҷыдала иубарҭан Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵараан. Зыӡбахәы ҳәоу аполитикатә гәыҧқәа еиднакылоит абри адевиз: «Қырҭтәыла аиҳабыра ракәымкәа, ақырҭуа жәлар акандидат астатус рышәҭ». Урыстәылатәи агибридтә еибашьра апринципқәа здыруа ауааҧсыра рзы ари апрактика ҿыцым», — иануп Папуашвили ишәҟәы аҟны.
Ашәҟәы аҟны апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, аполитикатә диверсиа ҳасабала аиҳабыра рделегитимизациа иҟазшьарбаган асоветтә режим азы, ишубарҭоу ала, Урыстәыла анапхгара иахьагьы ари апрактика қәҿиарала рхы иадырхәоит.
««Урыстәыла иадгыло», «акоррупциа знапы алаку» «иҧсыҽу» аиҳабыра ажәлар рҟынтә авиртуалтә адгара даҽа хыҵхырҭакгьы амоуп: апопулизм, уи ҳаамзаҭтәи адунеиаҿ аполитикатә мчқәак рзы иҟазшьарбагоу атактикоуп.
«Акоррупциа знапы алаку аиҳабыреи» «ауаа цқьақәеи» реиҿагылареи, иара убас, аиҳабыра рыҧсахра иадҳәалоу «зегьирзеиҧшу аҭахра» шьаҭада алацәажәареи ҳаамҭазтәи апопулизм иашьашәалоуп. Араҟа ҵабыргык ауп иҟоу – апопулизм адунеиаҿ зегьы реиҳа адемократиа иаҧырхагоу ашәарҭарақәа иреиуп.
Убри аҟынтә, апарадокс аабоит: «адемократиатә», «апрогрессивтә» «мраҭашәара иадгыло» амчқәа ҳауп ҳәа зхы иазызҳәо аполитикатә гәыҧқәа рхы иадырхәоит зегьы реиҳа арегрессиатә ҳәынҭқаррақәа, Урыстәылагьы, хархәагас ирымоу, иузудымкыло аполитикатә тактика. Қырҭтәыла аиҳабыра ирҿагыланы абри аҩыза атактика ахархәара, ииашам, уи ҧырхага ду ацуп, уи ламысдароуп», — иҳәеит Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Европатәи ахеилак аӡбара иаша аднакылар, ашықәс анҵәамҭаз Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуеит.
«Иахьа Қырҭтәыла аҧҵоуп зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоу адемократиатә институтқәа. Аха, ҳара иаҳхамшҭоуп ихьыҧшым Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ҩажәеижәаба шықәса мацара шахыҵуа, ҳтәыла изныкымкәа урыстәылатәи ажәыларақәеи, атәылауаҩратә аиҿагыларақәеи, Саакашвили идиктатуреи ишырхысхьоу. Иахьа Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац ала аидгылери аусеицуреи аҭахуп, атәыла анапхгареи ажәлари реидыхра анамысдаратә аҽазкра Қырҭтәыла аинтересқәа ирҧырхагоуп», — иануп ашәҟәы аҟны.