Шьалуа  Папуашвили – Португалиа апарламент ҕәҕәала иҳадгылоит
Шьалуа  Папуашвили – Португалиа апарламент ҕәҕәала иҳадгылоит

 

«Португалиа апарламент ахантәаҩи алахәылацәеи ҳарҧылеит. Португалиа апарламент ҕәҕәала иҳадгылоит. Дара рҧышәа интересс иҳамоуп, дара рҟынтә иҳамоу адгылара аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили, иара визитла Португалиа дыҟоуп.

Папуашвили ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла ала 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа апарламентқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы еиқәшаҳаҭхеит.