Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп
Шьалуа Папуашвили – НАТО Евроеидгыла азнеишьа рхы иадырхәароуп, акритериқәа ҳарҳәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, дара аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп

«НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәараҿы сара аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгыла ҳара ҳахь иамоу азнеишьа НАТОгьы рхы иадырхәарц расҳәеит», — иҳәеит визитла Бриуссель иҟоу Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

«НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәараҿы ҳара Қырҭтәыла ашәарҭадара ахьчареи, аамҭакала, жәларбжьаратәи ашәарҭадара ахьчара алахәызаареи, Украина адгылареи    шалшо ҳалацәажәеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгыла ҳара ҳахь иамоу азнеишьа НАТОгьы рхы иадырхәарц расҳәеит, уи аҵакы ду амоуп  — абжьагарақәа ҳарҭар, иарбанзаалак абжьагара анынаҳагӡалак, уи  иашьашәалоу аӡбарақәа ахылҵуеит.  Уи аҵакы ду амоуп, избанзар, апрогресс аныҟалалак, НАТО алахәылацәа иашьашәалоу аӡбара шрыдыркыло аадыруазароуп “, — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.