Шьалуа Папуашвили - НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара азҵаара апартиатә политика аасҭа иаҳа иҳаракны игылазароуп
«Қырҭтәыла еиҭах ашә иасуеит, избанзар, НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара иаҧырхагахаша аргементкгьы аанымхеит», — иануп Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иаарту ишәҟәы аҟны.
Иара иажәақәа рыла, НАТО алалара – атәыла ауааҧсыра зегьы еидызкыло аполитикатә хықәкуп. Аха, Папуашвили ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи 20 шықәса рыла ари азҵаараҿы изакәызаалак прогресск иҟамызт.
«Ишаҧу ала, Қырҭтәыла алахәызаара иаҧырхагахар зҭахыз аскептикцәа ҧшь-аргументк ирылацәажәон.
Актәи агәрагареи азгәыкреи иадҳәалан, аха, Қырҭтәыла ари аҧышәара ибзиаӡаны иахысит. Аҵыхәтәантәи ҩежәеижәаба шықәса рыла, Қырҭтәыла изныкымкәа ишьақәнарҕәҕәеит аҩадаатлантикатә ҭаацәара апринципқәеи аполитикеи ишазгәыку.
Аҩбатәи аконтраргумент ҳтәылаҿы адемократиа аҟамзаара иадҳәалан, анапхгаратә гәыҧ «Ақырҭуа гәахәтәы» ари азҵаарагьы қәҿиарала аҭыҧ иқәырҵеит. Зыхьӡ дуу жәларбжьаратәи ареитингқәа зегьы уи шьақәдырҕәҕәеит.
Ахҧатәи – атәылахьчара аусхкы аҿы апроблемақәа иҟан, ҳара арҭ апроблемақәагьы ҳаӡбеит. НАТО алахәылацәа зегьы уи шьақәдырҕәҕәар рылшоит. Иахьазы Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ақәҧаралшара ду рымоуп, ҳарбџьармчқәа рҟынтә 80% жәларбжьаратәи арратә миссиақәа рылахәызаара аҧышәа ду рымоуп.
Аҵыхәтәантәи аргумент даҽа зҵаарак иазкын – Қырҭтәыла НАТО иалалар, ари афакт арегионаҿ аҭышәынтәалара иацхраауоу, мамзаргьы, уи урыстәылатәи агрессиеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ашанс ацәыӡреи ахылҵуоу. Уажәы иааҧҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит игәаҕьны иҟашәҵо ашьаҿа мацара шакәу Украинаҿ аурыс агрессиа еиҧшу арыцҳара аҧыхра зылшо. Аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы қәыҧшыларак ауп иҟоу — НАТО 5-тәи ахәҭаҷ ала ихьчоу аҵакырадгьыл. Егьыраҭ атәылақәа зегьы ашьакаҭәареи аибашьреи ашәарҭара ахьыҟоу азона цәыш иаҵанакәеит», — иҩит Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла НАТО иалазҭгьы, Қырҭтәыла мацара акәымкәа, арегион зегьы ашәарҭадара иаҧырхагахаз 2008 шықәсатәи аибашьра ҟаломызт, ампыҵахаларагьы ҟаломызт.
«Алианс алахәылацәа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аполитика ҿыҵгас иҟарымҵароуп. Еиҧшым адәныҟаполитикатә интересқәеи аҩныҵҟатәи арадикализми амшала Қырҭтәыла адемократиатә система иадҳәаланы ииашам агәаанагара цәырҵыр ауеит. Аха, уажәазы уи амзыз акәымкәа, аҿыҵгахоит. Рыцҳарас иҟалаз, ҧаса НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭыз Мрагыларатә Европа тәылақәак иахьа ари азҵаара ҽакала иахәаҧшуеит, избанзар, Қырҭтәыла ирымоу рполиткиатә партниорцәа иахьа аоппозициаҿы иҟоуп.
Естониа аҧыза-министр уажәааны иҟалҵаз аҳәамҭа ари апроблема аилкаараҿы иҳацхраауеит. Лара гәҩарас илымоуп Қырҭтыла НАТО алалара аҭаху аҭахыму. Еиқәыҧхьаӡаз ақәҿиарақәеи аполитикатә шьаҿақәеи иазҧхьагәаҭаны, афактқәа ҳрыхәаҧшыр, ари аҳәамҭа даараӡа аиаша иацәыхароуп. Абри аҩыза аҭоурыхтә амҩеихысырҭаҿ Қырҭтәыла егьырҭ атәылақәа рыдхра — агха духоит. НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара азҵаара апартиатә политика аасҭа иаҳа иҳаракны игылазароуп», — иануп Шьалуа Папуашвили ишәҟәы аҟны.