Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирчеи Џьоане диҧылеит.
Апарламент апресс-маҵзура адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит алианс Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло.
Апарламент ахантәаҩы НАТО амаӡаныҟәгҩа хада ихаҭыҧуаҩ адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҩадаатлантикатә интеграциа апроцесс шынанагӡо.