Шьалуа  Папуашвили Израильтәи Кнессет аҿы иҟоу Қырҭтәылаҟны аиҩызара агәыҧ алахәылацәа дырҧылеит
Шьалуа  Папуашвили Израильтәи Кнессет аҿы иҟоу Қырҭтәылаҟны аиҩызара агәыҧ алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили Израильтәи Кнессет аҿы иҟоу Қырҭтәылаҟны аиҩызара агәыҧ алахәылацәа дырҧылеит.

Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Израили реиҩызара ҕәҕәа иалацәажәеит.

Шьалуа  Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, аганқәа, апарламентқәа рыбжьара мацара акәымкәа, арегионқәеи ақалақьқәеи рыбжьарагьы активла аус еицыруеит.

Аиҩызара агәыҧ ахантәаҩы  Девид Битан ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ргәаларшәара амш иазку ацеремониа аиҿкаареи амҩаҧгареи азыҳәан. Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ацеремониа амҩаҧгара апарламенттә аимадарақәа арҕәҕәоит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи ирылацәажәеит.