Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Италиа апарламент Сенат авице-ахада Џьан Марко Чентинаио диҧылеит, — ари аинформациа аланарҵәеит апарламент апресс-маҵзура.
«Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи, аенергетикеи, атуризми, ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәеи аганахьала қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура.
Италиа Сенат авице-ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Италиа Қырҭтәыла аахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә интеграциеи ишадгыло. Чентинаио ишиҳәаз ала, Италиа Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп, апарламенттә усеицура арҭбаара иазҿлымҳауп.
Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Италиа ароль ду нанагӡоит европатәи аҧеиҧш аиқәыршәараҿы, иара агәыҕра ду имоуп Италиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иадгылап ҳәа», — иануп аинформациаҿы.