Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Исландиатәи ареспублика ахада Гудни Иоҳанесон диҧылеит.
Шьалуа Папуашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Исландиатәи ареспубликантә Қырҭтәылаҟа зыҩаӡара ҳараку раҧхьатәи авизит аҵакы. Иара исландиатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә ҽазышәарақәеи рыдгыларазы.
Гудни Иоҳанесон ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарра хәыҷқәа, азеиҧш хықәкқәа рынагӡаразы жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аус еицыруроуп.
Апарламент апрессмаҵзура адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Исландиеи русеицураҿы апотенциалтә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Арҭ ахырхарҭақәа иреиуп зырҿыцра ҟало аенергиеи, аклимат аҽаҧсахра аҿагылареи, аиновациақәеи, акультуреи, аҵареи. Гудни Иоҳанесон ишазгәеиҭаз ала, Исландиа ақәҿиара ду амоуп аӡфымцеи агеоҧхарратә фымцеи ахархәара аганахьала. Иара иажәақәа рыла, Исландиа ари аҧышәа Қырҭтәыла адгалара иазыхиоуп.