Шьалуа Папуашвили – Ишәыдысныҳәалоит Лаҵара 26, ҳтәыла иазеиҕьасшьоит аидҵареи, апрогресси, европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәреи
«Ишәыдысныҳәалоит Лаҵара 26, ҳтәыла иазеиҕьасшьоит аидҵареи, апрогресси, европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәреи, ҳажәлар уи рыхәҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апленартә аилатәараҿы, иахьа уаҟа аинфраструктура аминистр Иракли Қарселаӡе изыӡырҩуеит.
«Иахьа лаҵара 26-оуп. Шәызынтәгьы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп. 1918 шықәса лаҵара 26, асааҭ 17:10 рзы, абри ахыбра ааигәараҵәҟьа, Ное Жорданиа дызхагылаз Қырҭтәыла Амилаҭтә хеилак «Қырҭтәыла ахьыҧшымра акт» рыдыркылеит. Рыцҳарас иҟалаз, усҟан Қырҭтәыла ахьыҧшымра ҧыҭраамҭак изынамгӡахеит.
1991 шықәса мшаҧы 9 рзы, Қырҭтәыла апарламент аҿы, Звиад Гамсахәрдиа дызхагылаз Иреиҳаӡоу ахеилак «Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара акт» рыдыркылеит. Ишәыдысныҳәалоит лаҵара 26 , ҳтәыла иазеиҕьасшьоит аидҵареи, апрогресси, европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәреи, ҳажәлар уи рыхәҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили