Шьалуа Папуашвили – Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит
Импыҵахалоу Гал ампыҵахаалара агәымбылџьбара аазырҧшуа ихьанҭаӡоу даҽа фактк ҟалеит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
«Иахьа, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амш азы, лабҿаба иаабоит ампыҵахалара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ишеиланаго, аха, раҧхьа иргыланы, уи импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рзинқәа реилагароуп иаанаго. Страсбургтәи аӡбарҭагьы иазханаҵеит ари аҵакырадгьыл Урыстәыла ахылаҧшра аҵаҟа ишыҟоу.
Иҭаацәара срыдашшылоит. Ари афакт даҽазнык иаҳнарбеит излауа ала ирласны ампыҵахалара аҵыхәҧҵәара аҵакы ду шамоу», — иҳәеи Шьалуа Папуашвили.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, импыҵахалоу Гал ақалақьаҿ, аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дыршьит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишырҳәаз ала, ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылауаҩ иҧсра афакт шьақәдырҕәҕәеит, аха, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы закәандарала иаанкылара аҽазкра шыҟаз шьақәыдмырҕәҕәеит.