Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Украина Аҧшыхәаратә маҵзура ахаҭарнакцәа иузудымкыло аҳәамҭа ҟарҵеит, уи мцуп
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Украина Аҧшыхәаратә маҵзура ахаҭарнакцәа иузудымкыло аҳәамҭа ҟарҵеит, уи мцуп.
Папуашвили асоциалтә аҳаҿы Украина Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа дахцәажәеит, уи инақәыршәаны, «жәларбжьаратәи асанкциақәа рымшала, Урыстәыла, арратәи атәылауаҩратәи азкызаара змоу атауарқәа раиура алшара ацәыӡит. Асанкциақәа рывсразы, урыстәылатәи агентцәа аконтрабандатә хыҵхырҭақәа реиҿкаара иаҿуп, аконтрабандатә хыҵхырҭақәак Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалсны ицоит. Насгьы, ақырҭуа амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа атәыла аполитикатә напхгара рҟынтә адҵа роуит аконтрабандистцәа ирҧырхагамхарц».
«Иааҧҵәаны иуҳәозар, абри зегьы мцуп! Апартниор-тәыла аҟынтә абри аҩыза адезинформациа ҳзақәшаҳаҭхом», — иҩит Шьалуа Папуашвили.