Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Петер Фишер диҧылеит.
Аиҧылараҿы апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Германтәылеи атрадициатә аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Германтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра аҵакы азгәарҭеит.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара апроцесси, Қырҭтәыла аҧыза-министр Германтәыла имҩаҧигараны иҟоу авизити, апарламент аспикер Берлин ивизити иазаҭгылеит.
Петер Фишер ишьақәирҕәҕәеит Германтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иара иажәақәа рыла, Германтәыла, наҟ-наҟгьы, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иацхраауеит.