Шьалуа Папуашвили Финлиандиатәи апарламент аҿы иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыԥ ахантәаҩы диԥылеит
Қырҭтәыла апарламент Шьалуа Папуашвили Финлиандиатәи апарламент аҿы иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыԥ ахантәаҩы Матиас Мартинени иара ицыз аделегациа алахәылацәеи дырԥылеит.
Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиԥылараҿ иазгәаҭан Қырҭтәылеи Финлиандиеи рпарламентқәа ирыбжьоу аусеицура аҿиара апозитивтә динамика шамоу. Хшыҩзышьҭра азун апарламенттә аиҩызаратә гәыԥқәа реизыҟазаашьа бзиақәа. Аганқәа ирыхәаԥшит ҩтәылак русеицура аҿиаразы ихырҳагоу апотенциатә хырхарҭақәа, урҭ рыбжьара аҵареи аԥсабарахьчареи рхырхарҭақәа.
Аиԥылара далахәун Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу Финлиандиа аиҩызаратә гәыԥ ахантәаҩы Мариам Лашхи.