Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла иазхәыцроуп Қырҭтәыла иадҳәаланы планқәас ирымоу, нас, уи инақәыршәаны, аӡбара рыдыркылароуп
«Евроеидгыла алахәылацәа аполитикатә ганахьала зҵакы дуу аӡбара рыдыркылараны ишыҟоу иазхәыцроуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп Боррель ивизит аҵакы ду шамаз. Еврокомиссар аделегациа ду шицыз жәдыруеит. Ҳәарада, ҳара абжьагарақәа ҳрылацәажәеит, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит, абжьагарақәа рынагӡаразы иҵегьы иҟаҵатәу ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла апарламент арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеит, егьи аганахьала, ҳусура иаиуа ахәшьара ҳазыҧшуп. Евроеидгыла алахәылацәа зегьы зҵакы дуу аӡбара шрыдыркыло иазхәыцып ҳәа ҳгәыҕуеит.
Ҵыҧх ибзиаӡаны иаабеит х-тәылак ирыдҳәаланы аполитикатә аӡбара шрыдыркылаз, ақәҿиарақәа рышьаҭала акәымкәа, егьырҭ азҵаарақәа аҧыжәара рыҭаны. Рыцҳарас иҟалаз, ҵыҧх Евроеидгыла алахәылацәа аҧхьагылара змоу атәыла акандидат астатус арымҭеит, агха ду ҟарҵеит. Избанзар, згәы каҳаз ақырҭуа жәлар мацара ракәымкәа, Қырҭтәыла аҕацәа рахьгьы ажәанҵа дәықәырҵеит. Евроеидгыла алахәылацәа зегьы цқьа иазхәыцроуп Қырҭтәыла иадҳәаланы планқәас ирымоу, нас, убри ашьаҭала, аӡбара ииаша рыдыркылароуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.