Шьалуа Папуашвили Чили Ахаҭарнакратә палата авице-ахада дылҧылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Чили Ахаҭарнакратә палата авице-ахада Клаудиа Миқс дылҧылеит.
Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзураҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Чилии рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазашьақәеи ашәарҭадара аганахьала адунеиаҿ аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.
Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла апарламент аҿы еиҿкаауп Чили ареспубликаҟны аиҩызаратә гәыҧ. Иара ишиҳәаз ала, хара имгакәа Чили апарламентаҿгьы Қырҭтәылаҟны аиҩызаратә гәыҧ еиҿыркаап ҳәа дгәыҕуеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Чили ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәа рстатус иазку ЕАР Ассамблеиа Хада арезолиуциа адгыларазы.