Шьалуа Папуашвили – Атәыла анапхгара ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҕәҕәа рымоуп, убри ашьаҭалоуп иҟаҳҵо шыҟаҳҵо
Атәыла анапхгара ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҕәҕәа рымоуп, убри ашьаҭалоуп иҟаҳҵо шыҟаҳҵо, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абиуро иахьатәи аилатәараҿы.
Папуашвили НАТО аштаб-уадаҿы ивизит дахцәажәан, ишиҳәаз ала, авизит қәҿиарала имҩаҧысит, апартниорцәа зегьы ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгылоит.
«Раҧхьатәи аҳәаанырцәтәи свизит НАТО аштаб-уадаҿы имҩаҧган, уаҟа НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара салахәын. Авизит қәҿиарала имҩаҧысит. Ҳара, даҽазнык ҳпартниорцәа рҟынтә адгылара ҕәҕәа ҳауит. Иара убас, Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҳаиҧылеит.
Атәыла анапхгара ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҕәҕәа рымоуп, убри ашьаҭалоуп иҟаҳҵо шыҟаҳҵо. Иара убас, агәра шәсыргар сҭахуп Қырҭтәылазы аҵакы хада шамоу аибашьра аҽацәыхьчара. Избанзар, ашәарҭаадара азҵаара Ккраинеи Қырҭтәылеи мацара акәымкәа, арегионгьы Европагьы ирыдкьыслоит.
Иахьазы зегьы раасҭа ихадоуп аибашьра ацәцара. Абас ауп ҳтәыла апозициа шыҟоу, ҳпартниорцәа ари апозициа иақәшаҳаҭуп. Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп, ҳара ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҕәҕәа ҳамоуп, убри ашьаҭалоуп иҟаҳҵо шыҟаҳҵо», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.