Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" евроинтеграциа амҩа иқәгылоуп, аоппозициатә партиақәа хықәкыла рус наргӡоит акандидат астатус ҳмоурц азы
Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" евроинтеграциа амҩа иқәгылоуп, аоппозициатә партиақәа хықәкыла рус наргӡоит акандидат астатус ҳмоурц азы

Ауаажәларреи “Ақырҭуа гәахәтәи” евроинтеграциа амҩаҿ игылоуп, акандидат астатус ҳмоурц азы, аоппозициатә партиақәа хықәкылатәи русзура иубарҭоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгылахь аинтеграциа адискурс аҿы зегь реиҳа иабсурду ҳәамҭақәа ҟарҵоит ари ахырхарҭала акгьы ҟазымҵаз ауаа.

„Ақырҭуа уаажәларра Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи аинтеграциа иадгылоит. Ари ауаажәларра ауп “Ақырҭуа гәахәҭәы” анапхгара амандат азҭаз. Абри ала зегьы иҳәоуп. Акандидат астатус ҳмоурц ахы, аоппозициатә партиақәа хықәкылатәи русзура иубарҭоуп. Ари дежавиу ауп, авизалиберализациа аан аҭыԥ змаз ахҭысқәа, иахьа еиҭах иубарҭоуп.  Ари апроцесс иалахәыз ауаҩыцыԥхьаӡа шәразҵаар ишәарҳәоит “Амилаҭтә ҵысра” алахәылацәа Қырҭтәыла авизалиберализациа анашьара шырԥырхагоз “, – иҳәеит Папуашвили.