Шьалуа Папуашвили  - Аполиаризациа иубарҭоуп, ари ақырҭуа политика аидара хьанҭас ақәуп
Шьалуа Папуашвили - Аполиаризациа иубарҭоуп, ари ақырҭуа политика аидара хьанҭас ақәуп

Аполиаризациа иубарҭоуп, ари ақырҭуа политика аидара хьанҭас ақәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, аилаҩынтра Европа акәым, Урыстәыла аинтересқәа ирылоуп.

“Ауааԥсыра арҩашьара рҭахуп, атермингьы рыԥсахит, аамҭалатәи аиҳабыра ацынхәрас аиқәшаҳаҭратә аиҳабыра иахцәажәоит. Мчыла акы анурҟаҵо аиқәшаҳаҭра абаҟоу? Ари акциа аиҿкааҩцәа рыхьӡқәа ӡыргоуп. Иацы аҳәамҭақәа ҟарҵеит, Михеил Саакашвили ааԥхьара алаирҵәеит. Урҭ адеструкциа ауп хықәкыс ирымоу. Ҳара европатәи амҩа рыдаагалоит, урҭ – шьҭахьҟа ашьаҿақәа рыҟаҵара. Атәылаҿ аилаҩынтра Европа акәым, Урыстәыла аинтересқәа ирылоуп”, – иҳәеит Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәарыла, аполиаризациа агрессиа ахылҵуеит, иара убас агрессиа аполитикатә елитаҿ.