Шьалуа  Папуашвили – Аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  аконституциатә ҧсахрақәа рыдкыларазы уаҵәы апарламент аилатәарашҟа инеирц
Шьалуа  Папуашвили – Аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  аконституциатә ҧсахрақәа рыдкыларазы уаҵәы апарламент аилатәарашҟа инеирц

Абиуро иахьатәи аилатәараҿы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили адепутатцәа ирызцәыригеит уажәтәи амчыбжь азы аусхәаҧштә.

Папуашвили  адепутатцәа зегьы рахь,  ҷыдала аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  аконституциатә ҧсахрақәа рыдкыларазы уаҵәтәи апленартә аилатәарашҟа инеирц.

«Уаҵәы Аконституциашҟа аҧсахрақәа рпроект ҳахәаҧшуеит. Аҧсахрақәа рыдкыларазы адепутатцәа аҧшьба рыхҧа рбыжьқәа аҭахуп. Ҷыдала аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  аконституциатә ҧсахрақәа рыдкыларазы уаҵәы апарламент аилатәарашҟа инеирц. Абжьыҭира асааҭ быжьба рзы имҩаҧгахар ҟалап. Шәызынтәгьы сшәыҳәоит аилатәаратә залаҿ шәыҟазаарц, – иҳәеит Папуашвили.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала, аҧшьашазы,  «аминистр исааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны, апарламент аҿы дықәгылоит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили.