Шьалуа Папуашвили - Аиҳабыра рыҧсахра - «Амилаҭтә ҵысра» ргәазыҳәароуп, алхрақәа 2024 шықәсазы имҩаҧысуеит, 2024 шықәсазы рҽазыҟарҵааит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, аиҳабыра рыҧсахразы изакәызаалак шьаҭак иҟам, уи «Амилаҭтә ҵысра» ргәазыҳәароуп.
Иара иажәақәа рыла, дара 2024 шықәсазы имҩаҧысуа алхрақәа рзы рҽазыҟарҵаруоп.
«Аиҳабыра рыҧсахразы изакәызаалак шьаҭак иҟам, уи «Амилаҭтә ҵысра» ргәазыҳәароуп. Дара жәларбжьаратәи АИХ ианрацәажәогьы иаартны ирҳәоит «Ақырҭуа гәахәтәы» амчра амхра хықәкыс ишрымоу. Алхрақәа 2024 шықәсазы имҩаҧысуеит, 2024 шықәсазы рҽазыҟарҵааит. Дара ирзеилаауам ақырҭуа жәлар аоппозициа ароль шранаршьаз, абри ароль рхы иархәаны, амчра наӡа аиура рҽазыркроуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили Михаил Саакашвили иҳәамҭа данахцәажәоз.
Иахьатәи аӡбаратә процесс аҿы Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иҳәеит: «Ҳара активра ааҳарҧшыр, уажәтәи аиҳабыра мызкибжаки еиҳаны изнеиуам. Уажәтәи аиҳабыра, ҿааҳәыра рымамкәа, ааҧынразы иқәҵны ицоит. Анеҩс, амилаҭтә аиқәшаҳаҭзаара аиҳабыра еиҿкаатәуп, убри ашьҭахь, зхы иақәиҭу алхрақәа мҩаҧгазароуп».