Шьалуа Папуашвили – Агха еиҭаҟарҵар ҟалом, астатус иазку аӡбарала Евроеидгыла иаанарҧшыроуп европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәра иазку ақырҭуа жәлар рықәҧара ишазныҟәо
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа апарламентқәа рхантәаҩцәа рконференциаҿы иара акандидат астатус далацәажәоит. Папуашвили иажәақәа рыла, агха еиҭаҟамлароуп, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара аҵакы ду амоуп.
Иара убас, Папуашвили Украина атемагьы дазааҭгылоит.
«Сгәы ишаанаго ала, Евроеидгыла алахәылацәа агәра дҳаргароуп ҵыҧх дара иҟарҵаз агха еиҭаҟарҵар шыҟамло, абри ауп уажәазы зегьы реиҳа ихадоу. Ари аӡбарала дара аадырҧшыроуп европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәра иазку ақырҭуа жәлар рықәҧара ишазныҟәо.
Иара убас, уи Урыстәылазы ажәанҵахоит, уажәы Евроеидгыла ари азҵаара ҭакҧхықәрала иазныҟәаны, Қырҭтәыла иахәаша аӡбара рыдыркылароуп. Астатус аиура — ашьаҿа хәыҷуп, аха, ҳара ҳзы ари ашьаҿа дууп. Убри аҟынтә, Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ари аҭакҧхықәра еилыркаароуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.