Шьалуа Папуашвили – Агәра ганы сыҟоуп Бундестаг ахантәаҩы Бербель Бас Қырҭтәыла лвизит ҩ-тәылак рпартниорраҿы аетап ҿыц алагамҭас ишыҟало
«Германтәыла аполитикеи адгылареи аконкреттә алҵшәақәа ахылҵит, иахьа Қырҭтәыла – аҳәынҭқарратә институтқәеи ауаажәларреи аргылараҿы апрогресс ду змоу тәылоуп», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Германтәыла апарламент ахантәаҩи иареи аҳәамҭақәа аныҟарҵоз.
Папуашвили иажәақәа рыла, иара агәра ганы дыҟоуп Бербель Бас Қырҭтәыла лвизит ҩ-тәылак рпартниорраҿы аетап ҿыц алагамҭас ишыҟало.
«Қырҭтәылеи Германтәылеи реимадарақәа иаҳзеиҧшу ахықәкқәеи аинтересқәеи ирызкуп. Ақырҭуеи анемеци аруаа акыршықәса рыҩныҵҟа, Афганистан, Мазари-Шариф абазаҿ, еидгыланы, абарҭ апринципқәеи, аинтересқәеи, Европа аҭынчреи ашәарҭадареи, Қырҭтәылеи Германтәылеи руааҧсыра рмышхәыбзазареи иазықәҧон.
Қырҭтәыла иахьагьы аҭоурыхтә процесс иҭагылоуп. 30 шықәса раҧхьа Германтәыла зҵакы дуу ароль нанагӡеит Қырҭтәыла жәларбжьаратәи уаажәларра алахәылас иҟаларцаз. 30 шықәса рышьҭахьгьы, Германтәыла, ахатә аҭоурыхтә миссиа нагӡаны, Қырҭтәыла акандидат астатус аҭаны, ҳтәылаҿы аҭынчра арҕәҕәара алшоит», — иҳәеит Папуашвили.