Шьалуа Папуашвили – Адезинформациатә кампаниа хықәкык ауп иамоу - адемократиа авсреи атәыла анапхгара "Амилаҭтә ҵысра" рыҭареи
«Адезинформациатә кампаниа хықәкык ауп иамоу – адемократиа авсреи атәыла анапхгара “Амилаҭтә ҵысра” рыҭареи, ақырҭуа жәлар уи ишақәшаҳаҭым жәбоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Ажурналистцәа апарламент ахантәаҩы иазҵааит аоппозиционер Мурман Думбаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭазы, Думбаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус амоуроуп.
«Адезинформациатә кампаниа хықәкык ауп иамоу – адемократиа авсрала атәыла анапхгара рыҧсахыр рҭахуп. Ҳуааҧсыра ирбеит “Амилаҭтә ҵысра” амчра дырхынҳәыр шырҭаху, ҳазынтәгьы иаабеит ақырҭуа жәлар уи ишақәшаҳаҭым», — иҳәеит Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар ахаангьы «Амилаҭтә ҵысра» анапхгаратә мандат рырҭом.
«Убри аҟынтә, мҩа заҵәык ауп ирзаанхаз, — адемократиеи алхрақәеи ирывсны, аилаҩынтәреи ареволиуциеи еиҿыркаар рҭахуп. Адезинформациатә кампаниагьы абри ауп изызку. Фымз ҵуеит аҳәаанырцәтәи аполитикцәеи АИХқәеи Михаил Саакашвили изкны адезинформациа аларҵәара иаҿужьҭеи. Ҳара Урыстәыла иазышьақәыргылаз жәларбжьаратә асанкциақәа еилаҳгоушәа амцҳәара иаҿуп. Абарҭ 2 зҵаарак рзы амцҳәара иаҿуп. Ҳәарада, адезинформациа ахаангьы ахықәкы бзиа иазкым. Дара хықәкык ауп ирымоу — аконспирациақәа раҧҵареи, ажәлар рыгәҭа аилаҩынтәра аиҿкаареи, адемократиа авсреи атәыла анапхгара “Амилаҭтә ҵысра” рыҭареи, аха, ишыжәбо еиҧш, ақырҭуа жәлар уи иақәшҳаҭхом», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.